"Атанк иахьгылаз иамырхқәаз рацәахеит, аамҭагьы иара атәы ҟанаҵеит. Ҳахьцалакгьы аҷкәынцәеи сареи убри ҳазхәыцуан, иагу-иабзоу аҟаҵаразы ҳахьыҟазаалакгьы амаҭәахәқәа ааҳгон. Ирацәаҩуп уи ашьақәыргылараҿы иҳацхрааз. Иҟоуп атәым ҳәнҭқаррантәи иааргаз амаҭәахәқәагьы. Уажәы Т-45 еиҭашьақәыргылоуп, иныҟәартә иҟоуп, уи моу, иагьхысуеит. Ари атанк аиҭашьақәыргылара ҳара иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит, ҳаибашьцәа иргаз раԥхьатәи аӷа еибашьыгатә машьына, аибашьра иасимволны иԥхьаӡоуп", — иҳәеит Ҭаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.