Арадио

Арӡынԥҳа: Европа акардиологцәа рконгресс аҟны атехнологиа ҿыцқәа ӡырыргоит

Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, акардиолог Илона Арӡынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Европа акардиологцәа реилазаара алахәылас дшыҟалаз.
Sputnik

Европатәи акардиологцәа реилазаара иалахәуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҳақьымцәа. Сынтәа Германиа Миунхен ақалақь аҟны имҩаԥысит аконгресс. Уи аҿарацәа алшара дуқәа рнаҭоит еиуеиԥшым атехнологиа ҿыцқәа реилкааразы, рхатәы ҭҵаарақәа рӡыргаразы.

"Москва аҵара анысҵоз скафедра аҟынтәи апрофессорцәа срыцны сцалон ас еиԥш аконгрессқәа рахь. Уажәы Аҟәа ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аус зуеит, аха сырҵаҩцәа апрофессорцәа сырхашҭӡом. Есышықәса ааԥхьара сырҭоит, аконгресс иалахәу дрыдыркылоит Европа акардиологцәа реилазаарахь. Иҳәатәуп, аконгресс аҟны абжьгара ҿыцқәа шыҟаҵаз еиуеиԥшым ачымазарақәа, ашьа-ада ирыдҳәалоу. Урҭ макьана англыз бызшәалоуп ишыҟоу,  урысшәала иҭрыжьроуп. Еиуеиԥшым атехнологиа ҿыцқәа иҟоу уаҟоуп зны иахьцәырырго. Урҭ абжьгарақәа зцәа зтәым аҳәса рыхәышәтәра, иара убас аинфаркт, ашьақәыӷәӷәара уҳәа ирызкын", — лҳәеит Арӡынԥҳа.