Арадио

Габниаԥҳа: апроект "Арифмақәа - Риҵа" аԥсуааи адыгааи еизааигәанатәуеит

ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik аҟны далацәажәеит "Арифмақәа - Риҵа" захьӡу Ҟабарда-Балкариа Жәлар рышәҟәыҩҩы Зарина Ҟаныҟәа лыпроект.
Sputnik

"Зарина Ҟаныҟәа ари апроект ала илыӡбеит аԥсуа–адыга жәлар рлитературақәа реизааигәаразы Аԥсны афестиваль амҩаԥгара. Раԥхьатәи амш азы аԥсуа кафедра аҟны еиԥылеит. Ҳаԥхьаҟа ҳмилаҭқәа иҵегьы реизааигәатәразы асахьаркыратә литература аҟабарда бызшәалагьы аԥсышәалагьы иҭыҵуа реиҭагара азгәаҭоуп. Иазыӡбоуп убасгьы аҟабардақәеи аԥсуааи еицҳзеиԥшу амонографиақәа аҭҵаарадырратәи аҭҵаарадырра-популиартә шьаҭа змоу. "Арифмақәа — Риҵа" захьӡу афестиваль есышықәса иазгәаҭоуп. Иахьа хәыҷык иаармарианы ҳахәаԥшуазар ҟалоит, аха ари даара аҵак ду амоуп, аҿар еизааигәанатәоит, аибабара, агәыбылра еиҳахоит", — лҳәеит Габниԥҳа.