Мураками Нобельтәи альтернативатә аԥхьахә мап ацәикит

Академиа ҿыц аԥхьахә аиуразы аноминантцәа рсиа шьақәнаргылеит абжьыҭира аихшьаалақәа рыла. Абжьыҭира иалахәын 32 нызқьҩык ауаа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Иапониатәи ашәҟәыҩҩы Харуки Мураками Нобельтәи альтернативатә аԥхьахә мап ацәикит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Швециатәи Академиа ҿыц Facebook адаҟьақәа рҟны иҟанаҵаз алаҳәара ҵаҵӷәыс иганы.

Харуки Мураками амузыкатә радиодырраҭара амҩаԥгара далагоит

Ашәҟәыҩҩы иӡбраз адырра риҭеит Швециатәи Академиа ҿыц алахәылацәа. Аелектронтә шәҟәы ала иара аҳәара ҟаиҵеит ихьӡ асиа ианырхразы, убри аан иазгәеиҭеит ирҿиара азхьаԥшра аҭара еиҳа иахәҭаны дшахәаԥшуа.

Ашәҟәыҩҩы ҭабуп ахиҳәааит икандидатура ахьықәдыргылаз, Академиа ҿыц ақәҿиарақәа азеиӷьеишьеит.

Академиа ҿыц аԥхьахә аиуразы аноминантцәа рсиа шьақәыргылан абжьыҭира аихшьаалақәа рыла. Абжьыҭира иалахәын 32 нызқьҩык ауаа.

Мураками идагьы аԥхьахә азы ркандидатура ықәыргылан канадатәи ашәҟәыҩҩы Ким Тиуи, англиатәи ашәҟәыҩҩы-фантаст Нил Геиман, франциатәи ашәҟәыҩҩы Мариз Конде.