Харуки Мураками амузыкатә радиодырраҭара амҩаԥгара далагоит

© AFP 2023 / JOHN MACDOUGALLХаруки Мураками
Харуки Мураками - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Харуки Мураками деицырдыруеит абарҭ арҿиамҭақәа рыла: "Охота на овец", "1Q84", "Хроники заводной птицы", "Норвежский лес". Ироманқәа еиҭагоуп адунеи абызшәақәа 50 рахь.

АҞӘА, рашәара 5— Sputnik. Иапониатәи ашәҟәыҩҩы Харуки Мураками амузыкатә радиодырраҭара амҩаԥгара далагоит. Абри атәы аанацҳауеит апортал "360tv" арадиоеилахәыра Tokyo FM адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ажәабжь иапониаа рзы иџьашьатәхеит, избанзар 69-шықәса зхыҵуа автор шамахамзар аинтервиу риҭом.

Run&Songs захьӡу автортә программа аҭыҵра иалагоит нанҳәа 5 инаркны. Уи аҟны алитератор бзиа иибо акомпозициақәа изыӡырыҩцәа ирзықәиргылалоит урҭ шьыжьла ианыҩуа аламҭалаз. Иара ихаҭа изныкымкәа амарафонқәа дрылахәхахьеит.

Иҟалап, Харуки Мураками аџьаз композициақәагьы азыӡырыҩцәа ирыдигалар. Аџьаз иара бзиа ибоит данқәыԥшыз аахыс. Имузыкатә коллекциа иаҵанакуеит 40 000 пластинка.

Харуки Мураками деицырдыруеит абарҭ арҿиамҭақәа рыла: "Охота на овец", "1Q84", "Хроники заводной птицы", "Норвежский лес". Ироманқәа еиҭагоуп адунеи абызшәақәа 50 рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0