Аԥсны АҶА авертолиот ала Аҟәаҟа дааргеит ацаҟьа иаҿҟьаз ахаҵа

Ԥсҳәы ақыҭан ацаҟьа иаҿҟьаз ахаҵа ацхыраара иҭаразы Аԥсны АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә отриад вертолиотла инеиит цәыббра 18 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Ԥсҳәы ақыҭан инхо, 19 шықәса зхыҵуа Виачеслав Кучеренко вертолиотла Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дааргеит аҩаша, цәыббра 18 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

АҶА адырра шыҟанаҵо ала иара ацаҟьа даҿҟьеит. Данкаҳауаз ишьапы ԥҵәеит, ирацәаны дхәахоуп. Ус шакәызгьы Кучаренко ауаа рахь дцәырҵит, аҭыԥантәи ауааԥсыра актәи ацхыраара ирҭеит.

АҶА авертолиот Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿ итәеит. Кучаренко аҳақьымцәа рнапахьы дрырҭеит.