Аԥснытәи абоксиорцәа Ҭҟәаԥс актәи аҭыԥқәа ныркылеит

Урыстәыла, Израиль, Аԥсны еизгоу ркомандақәа абокс азы реиндаҭлара мҩаԥысит Ҭҟәаԥс, цәыббра 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи абоксиорцәа Ҭҟәаԥс актәи аҭыԥқәа ныркылеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит азыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа.

"Аиԥылара иалахәын Гагреи Аҟәеи рбоксерцәа. Гигуц Чкотуа, Левон Манукиа, Агабек Темиров актәи аҭыԥқәа ныркылеит. Даара ибзианы рхы аадырԥшит", — ҳәа еиҭеиҳәоит азыҟаҵаҩ.

Џьологәуа иажәақәа рыла аԥснытәи абоксиорцәа рҟазара азгәарҭеит израильтәи азыҟаҵаҩцәагьы. Урҭ ааԥхьара ҟарҵеит ақәыԥшцәа рыбжьара Израиль, 2019 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу аиндаҭлараҿы.

Израили Аԥсни атәылақәа рбираҟқәа еимырдеит, ҽааны еиԥыларцгьы еибырҳәеит.