АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аҩаша, цәыббра 18 рзы аминистрцәа дыдирдырит аиҳабыра рхада ҿыц – Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба.
Аминистрцәа реилазаара минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит Геннади Гагәылиа.
"Геннади Гагәылиа иҭахара зегь ҳзы игәыхьуп. Иҟаҵатәны ҳаԥхьа ишьҭаз аусдҵақәа уи иҭахара иаԥсахит. Иахьа Аԥсны Аԥыза-министрс Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба иҟаҵаразы аусԥҟа снапы аҵазҩит", — иҳәеит атәыла ахада.
Атәыла ахада аминистрцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аиҳаб ҿыц ивагыланы русура нарыгӡарц азы.
"Ара исзымдыруа аӡәгьы дыҟам. Уаанӡагьы аус еицаауан. Ҳаԥхьаҟа аус дуқәа шьҭоуп" — иҳәеит Валери Бганба.
Ҳаџьымба аԥыза-министр ҿыц изкны: аус професионалла дазнеиуеит
Валери Бганба диит цәыббра 26 1953 шықәса рзы Гагра араион Бзыбь ақыҭаҿ. 1971 шықәса рзы Ҟәыбантәи ақыҭанхамҩатә институт дҭалеит, далгеит 1976 шықәса рзы.
1976 — 1978 шш. рзы – Чечено-Ингуштәи АССРасовхоз "Гардалинский" агроном.
1978-1979шш. – Гагратәи ақалақьтә исполком ақыҭанхамҩа аусбарҭа агроном.
1979ш. рзы – Гагратәи акомҿареидгыла ақалақьтә комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ.
1982ш. рзы – Гагра КПСС ақалақьтә комитет ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы.
1989ш. рзы – Гагра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы.
1991 — 1997 шш. рзы Валери Бганба — Аԥсны Апарламент адепутат.
1998ш. рзы– Гагра араион аизара ахантәаҩы.
2002 — 2006 шш. рзы – Гагра араион Ахада.
2007 — 2012 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутат.
2012 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аиҳабы.
2014 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа неигӡон.