Аиааира абираҟ адубликат аҵәахразы Ахьӡ-аԥша амузеи ахь ирыҭоуп

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира абираҟ шьҭыхын аҳәынҭқарратә ҳәааҿ цәыббра 30 1993 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира абираҟ адубликат аҵәахразы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ахь ирыҭоуп.

"Ауааԥсыра еиҳа ирбаразы, ареспублика атәылауааи асасцәеи еиҳа инарҵауланы аԥсуа жәлар аибашьраан рфырхаҵара дырдырразы, аинформациа рыҭаразы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира абираҟ адубликат Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ахь абарази аҵәахрази инашьҭуп", — иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, аминистр Мираб Кьышьмариа иусԥҟа даԥхьо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира абираҟ азы" инақәыршәаны аоригинал Атәылахьчара аминистрраҿы иҵәахуп.

Абираҟ адубликат амузеи аҭара ацеремониа иалахәын абираҟ аҳәынҭқарратә ҳәааҿ ишьҭызхыз БМПқәа "Зверобой"; "99-й" аекипаж: Шамиль Аӡынба, Рафаель Амԥар, Дазмир Шамба, Баҭал Блабб, Роберт Коӷониа. Урҭ рҩыза Илиа Гәниа игәамбзиара иахҟьаны дзымааиит.

Дубликат Знамени Победы передан на хранение в музей Боевой Cлавы Абхазии

Аԥсны Афырхаҵа, аибашьра аветеран Шамиль Аӡынба урҭ ашықәсқәа игәаларшәо иҳәеит абираҟ ҵәахны ишимаз ирыцеибашьуаз, ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Малхаз Ҳагба. Иара абри абираҟ аҵыхтәанӡа инеигарц игәҭакын аха Шроматәи ажәылараан дхәын.

Дубликат Знамени Победы передан на хранение в музей Боевой Cлавы Абхазии

"Малхаз ишьапы хырҵәеит, абираҟ ҳекипаж иеиҭеит. Ҳара иҳанасыԥхеит аҳәаа аҟынӡа анеира. Абираҟгьы ашьҭыхра", — иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәә еибашьра Аиааира абираҟ азы" рыдыркылеит Аԥсны жәлар Реизараҿы ԥхынгәы 12 2018 шықәса рзы.

Дубликат Знамени Победы передан на хранение в музей Боевой Cлавы Абхазии