АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа уаԥстәылатәи рколлегацәа ирԥылеит, аконституциатә зинеиҿкаара апроблемақәа ирылацәажәеит, рԥышәа еимырдеит ҳәа аанацҳауеит ателеканал "Россия Алания".
"Ари раԥхьатәи усутә ныҟәароуп. Аконституциатә ӡбарҭа азинтә система иагәыцәуп. Аԥхьатәи аиԥылараҿы иахәаԥшын Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны рхаҭарнакцәа реинырра иҟоу апроблемақәа рылацәажәаразы, иҿыцу мҩакы аԥшааразы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Нури Ҭаниа иазгәеиҭеит Аԥснытәи аделегациа Аҩада Уаԥстәылатәи ареспубликахь ишнеиз аԥышәа рымдаразы.
Аҩада Уаԥстәылатәи ареспублика Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев игәаанагарала Аконституциатә ӡбарҭа азинтә система иагәыцәуп. Иара иҳәеит аԥснытәи иколлегацәа рыцхраара еснагь дшазыхиоу.