"Ҳазлацәажәа ҳамоуп": Барцыц аҭатын аарыхра иазкны
© Sputnik
"Аҭаҭын аарыхра аџьабаа рацәаны иамоуп. Ажәла анылауҵа нахыс хылаԥшра ауҭароуп. Ианаамҭоу аӡы ауҭароуп, ухыуҩлароуп, ажәакала, сааҭк иадымхаргьы уагхар, уҟауҵаз зегьы ԥхасҭахоит. Иааины иҳадҵаалоит аҭаҭын ааӡара иалагар зҭаху, аха дара зегьы ирыздырӡом уи аарыхшьа. Иҟоу шыҟоу, аҭаҭын аарыхра иацу акәамаҵарақәа анырзеиҭаҳҳәалак иадҵны ицоит, аџьабаа иацәшәоит. Хынтә иурашәароуп, хәынтә уҿыухроуп, иурҩароуп, аҭаҭын ахьыуҵәахуа умазароуп", — иҳәеит Барцыц.