"Ҳаибашьраҟны аԥсуа ԥҳәыс ллагала рацәоуп. Ганкахьала аибашьра ицаз аҭыԥҳацәа аӡәгьы ирыдимҵеит шәымцар ҟалом ҳәа, хатәгәаԥхарала, ҳара ҳакәымзар дарбан ҳәа зыԥхьаӡаз роуп. Аибашьра иалахәыз аҭыԥҳацәа срыҿцәажәон. Раԥхьатәи сызҵаара аибашьра анеира агәыӷьра шәызҭеи ҳәа акәын. Ҳара ҳаҭахын уаҟа ҳәа азгәарҭон еицҿакны. Ухәышҭаара еиқәурхозар уара сара ҳәа иҟаӡам, дарбанзаалак илшо ҟаиҵозароуп. Жәытәаахыс аԥсуаа рҟны афырхацәа ӷьеиҩцәа реиԥш иҟан афырԥҳәызбацәагьы. Ҳаибашьраҟны ашьа аус ауит ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥҳәызбацәа рашьцәа ирывагылеит. Аибашьҩы иашьҭахь дышьҭызхуа дыҟазароуп, усҟан игәы ҽакала иҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Даҽакы иалыскаарц исҭаху афырхаҵа дзааӡо аԥҳәыс лоуп. Рыҷкәынцәа аԥхьаҟа ишьҭны, ирхьнымҳалакәа, жәибжь-жәаа шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәа ҳацәҭахеит. Урҭ еибашьра инаскьазгоз ранацәа роуп. Ари изызхәыцтәу иҭҵаатәу акоуп", — лҳәеит Џьапуаԥҳа.