КНДРи Аладатәи Кореиеи адемилитаризациатә зона ар алыргарц еилацәажәеит

Пхениан цәыббра 18 — 20 рзы имҩаԥысуа асаммит аҟны аганқәа рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 19— Sputnik. КНДР ахада Ким Чен Ыни Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ини еиқәышаҳаҭхеит адемилитаризациатә зона ар алыргарц, аҳәаа иаԥну Пханмундж аҳәаахьчаҩцәа абџьар рхырхырц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Атәылақәа рхадацәа еицыҟарҵаз аҳәамҭала Аҩадатәи Кореиа Тончханнтәи аракетатә полигон анаркуеит, Ионбен аиадертә обиектқәа ықәнагоит.

Уи адагьы Ким Чен Ыни Мун Чже Ини еилацәажәеит 2018 шықәса рзы аихамҩақәеи автомабилтә мҩақәеи реимадара ахацыркра. Апроект азырхоуп Транскореатәи амагистраль Транссиб адҳәалара.

Ким Чен Ын иара убасгьы иҳәеит хара имгакәа Сеул аҭаара шигәиҭоу.