Арадио

Ахба еиҭеиҳәеит Адыгатәи атеатр агастрольқәа Аԥсны ишымҩаԥысуа атәы

Адыгатәи амилаҭтә театр Аԥсны ақәгыларақәа шцо атәы арадио Sputnik аҟны далацәажәеит агастрольқәа администраторс ирымоу, Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Лаврик Ахба.
Sputnik

"Агастрольқәа раԥхьатәи амш аԥсшьарамш иақәшәеит, ауаагьы маҷын. Уи ашьҭахь, анаҩстәи ақәыргыламҭақәа дырбараҿы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара маҷмызт. Насгьы иара атеатр ажанр атәы ҳалацәажәозар, ас еиԥш издызымкылогьы ыҟоуп, мамзаргьы бзиа избо дыҟоуп. Акәашара, ашәаҳәара иаҳа иласу ажанр ахь иаҵанакуеит, уи иаҳа ауаа аднаԥхьалоит. Аха ус иагьа иҟазаргьы, иахьатәи аамҭазы Адыга театр агастрольқәа ахәаԥшьцәа ибзиан ирыдыркылоит ҳәа азуҳәар алшоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ахба.