АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи амилаҭтә библиотека аиҳабы 70-тәи ииубилеи азгәарҭеит абиблиотека ахыбраҿы. Абиблиотека аусзуҩцәа рыцхыраарала ахәылԥаз еиҿылкааит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.
Ахәылԥаз амҩаԥгаҩ Екатерина Бебиаԥҳа дрылацәажәеит абиблиотека аиҳабы ипрофессионалтә ҟазшьақәа.
"Борис Шьаликәа-иԥеи сареи кыр аус еицаҳаухьеит, ҳаиҩызцәоуп аҟнытә абиблиотека аусзуҩцәа сара исыдырҵеит ари ахәылԥаз аиҿкаареи амҩаԥгареи. Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аполиграфист, ирацәаӡоуп ихҳәааны иҳәатәу. Иара, ҳәарада, иаԥсоу уаҩуп. Убри азоуп абиблиотека аамҭа цәгьақәа ианырҭагылаз, аԥсуа шәҟәы анеиқәырхатәыз иара дзахадыргылазгьы", — лҳәеит лара.
Борис Ҷолариа далгеит Аҟәатәи апедагогигатә институт агеографиа аҟәша, анаҩс Одессатәи аполиграфиатә техникум. 1989 шықәсазы иара далхын Аԥсны аҭыжьра-полиграфиатә хеилак агазеҭ типографиа адиреқторс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аамҭа кьаҿк иалагӡаны иара илиршеит Гагратәи араионтә типографиа аиҭашьақәыргылара. Уи атипографиа акәын аибашьра аан акьыԥхьи адокументациеи ҭзыжьуазгьы. 1995 шықәса раахыс иара И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭ библиотека данапхгаҩуп.
Борис Шьаликәа-иԥа иажәақәа рыла, абиблиотека анапхгарахь дааирц азы ԥшьынтә иацәажәеит.
"Ибылны еилажьыз афонд сыла ианаба, ари зегьы аиҭашьақәыргылара сымч ақәхаӡом ҳәа ашәара соуит. Ҩышықәса рыҩныҵҟа сара агәрагара сымамызт схы сзаиааип ҳәа. Аха, Анцәа ила иҟалеит исабжьоз, ахы агәрагара сылазҵоз, аԥышәа змаз ауаа. Нас хәыҷ-хәыҷы ари азанааҭ сагәыланахалеит, уи аҿы сагьынхеит", — иҳәеит иара.
Аҟәатәи ацентртә библиотека аԥҵан 1921 шықәса хәажәкыра 25 рзы. 1938 шықәсазы уи иаҭан ареспубликатә статус. 1981 шықәсазы ари абиблиотека ихьӡ ахҵан раԥхьатәи аԥсуа Жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр. 1998 шықәсазы Амилаҭ библиотека ҳәа ахьӡыртәит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ари абиблиотека ааха ӷәӷәа аиуит аҟнытә 2012 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла афинансә цхыраара ала араҟа ихацыркын акапиталтә ремонт. 2017 шықәса рашәарамза 1 азы ари абиблиотека ҿыц еиҭашьақәыргыланы иаартын.