Арадио

Сангәылиа ашәа "Аиааира" аҭоурых атәы: иаразнак схаҿы иааит амелодиа

Аибашьра аветеран, ашәаҳәаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Омар Сангәылиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Белла Барцыцԥҳа лажәеинраала иалхны аибашьраан иаԥиҵаз ашәа "Аиааира" аҭоурых атәы.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Сангәылиа ашәа "Аиааира" аҭоурых атәы

"Исыцеибашьуаз Ҭемыр Сымсыми сареи аишьцәа гәакьацәа реиԥш ҳаҟоуп, уи аԥхьагьы ҳаибадыруан. Иареи сареи ԥсшьара ҳаноурыжь, Гагра Белла Барцыцԥҳа лахь ҳнеит. Лажәеинраалақәа ҳазцәырылгит. Урҭ рыбжьара иҟан "Аиааира" ҳәа жәеинараалак. Уаҟа ианын "Ахәырбӷьыцгьы шьҭа хәырбӷьыцда, рӷьашьак амаӡам сыблуп" ҳәа, насгьы "иагьаҩы ҳҭахазаргьы ҳажәла змырӡша аҵеи диуеит" ҳәа анын, уи ауаҩы игәы шьҭнахуан. Иаразнак амелодиа ааит схаҿы, аԥсшьарҭа аҟны ароиаль снадтәалан исҳәеит. Ақьаад аҟны анотақәа анҵаны аибашьраан сџьыба иҭан. Аиааира ганы Аҟәаҟәа ҳанааи, раԥхьаӡа инасыгӡеит Алашарбага аҳаблан арра иргоз аҷкәынцәа рҿаԥхьа. Иаразнак ибзианы ирыдыркылеит, ҩынтәгьы исдырҳәеит", — ҳәа игәалаиршәеит Сангәылиа.