"Хра злоу ахҭысқәа": Ҵнариа ихықәкы иазкны
© Sputnik
"Еснагь хықәкыс исыман иахьынӡасылшо ҳаԥсадгьыл аиқәырхара сыԥсы аҭара. Уи аганхьала иахьагьы ус ауп сшыҟоу, сыԥсадгьыл наҟ ԥхьаҟа сцар сҭахуп, аха сгәы рҭынчны ауп ишысҭаху. Абри ауп еснагь сзызхәыцуаз. Ҳаҷкәынцәа, ҳауаажәлар анышә иаҭаны, рыԥсадгьыл ахьчара рхы ақәҵаны ианца, уи аҳаҭыр абара ҳуалԥшьоуп. Амгәазхәыцра ааныжьны, ҳаԥсуара ҳәа иҳамаз аҵас ҳазхнымҳәар ада ԥсыхәа ҳамам, убри сыхгьы сыгәгьы ақәҵаразы схы сеигӡом. Ҳҭагылазаашьа даара исгәаԥхом, избанзар иҟоу ҳала иабоит", — иҳәеит Ҵнариа.