"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Аиба аԥсуа бызшәа азакәан иазкны
© Sputnik
"Азакәан аабатәи ахәҭаҷ анагӡара цәгьоуп. Аҳәынҭқарраҿы аилатәарақәа зегьы аҳәынҭқарратә бызшәала имҩаԥгатәуп. Алхрақәа анҳамоу абызшәа ззымдыруагьы днаҳашьҭуеит уахь. Исҳәар сҭахуп амчхара аарԥштәуп ҳәа. Азакәан аҩныҵаҟа ахәҭаҷқәа апрограммақәа рыцзароуп. Уи апрограмма аҵарадырратә институт, абызшәатә политиказы аилак, урҭ зегьы хаҭа-хаҭала ирзыӡбаӡом абызшәа апроблема. Насгьы ҳаамҭазтәи атехнологиа ҿыцқәа аус рыдулатәуп, избанзар иаҳа удырманшәалоит, урҭ рыда ԥсыхәа ыҟам. Аинформациатә қәыԥшылараҟны ахәыҷқәеи аиҳабацәеи ираҳауа зегьы урысшәалоуп мамзаргьы даҽа бызшәалоуп. Уи аԥара ада иаҳзыҟаҵаӡом", — иҳәеит Аиба.