Арадио

Арсалиаԥҳа: Евразиатәи афорум аҟны аҳәса еицырзеиԥшу азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит

Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Санкт- Петербург имҩаԥысуа Евразиатәи аҳәса рфорум аҟны иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы.
Sputnik
Арсалиаԥҳа: атәылақәа рҟны аҳәса еиԥшым, аха иҟоуп еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа

"Аԥснытәи аделегациа иалоуп аиустициа аминистр, Жәлар реизара адепутат, ахәаахәҭра – ааглыхратә палата ахаҭарнакцәа. Апленартә еилатәара Урыстәыла ахада Владимир Путин иааиртит. Дрылацәажәеит ҳаамҭазы аҳәынҭқарра ашәарҭадара азҵаарақәа, аҳәса ахацәа инарывгыланы аус ахьыруа ахырхарҭақәа рҟны цхыраарас ирыҭатәу. Ҳара ҳзы гәырӷьаран афорум аналагоз Мариинтәи атеатр аҟны акультуратә программа Аԥсныи Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмаа иахьаалыртыз. Апрограмма зегьы гәыцәс даман. Афорум ахырхарҭақәа рацәоуп. Афорум иалахәу аҳәса рпроблемақәа еиԥшым, аха иҟоуп еидызкало — ахшариураан аԥҳәыс аус анылзымуо, ҭагылазаашьас илзаԥҵатәу лҵара иацылҵарц, иарбан усуроу илыдгалатәу аекономика дахәҭакны дҟаларц", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.