Арадио

"Агәалашәара амҩала": Роман Цыгәба ифырхаҵара иазкны

Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" захьӡу аҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника шәыдаагалоит, иара хацыркуп нанҳәа 14 2017 шықәса инаркны.
Sputnik
"Агәалашәара амҩала": Роман Цыгәба ифырхаҵара иазкны

Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭоурыхқәа есыҽны ишәзеиҭанаҳәалоит "Агәалашәара амҩала" захьӡу апроект аҿы. Аофициалтә шәҟәқәа, аветеранцәа ргәалашәарақәа, ашаҳаҭцәа рысалам шәҟәқәеи рымшынҵақәеи арадио аҿы шәырзыӡырыҩлар ҟалоит, иара убас Sputnik Аԥсны асаит аҿы шәаԥхьар шәылшоит.