Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазку аҽырхәмаррақәа

Sputnik

Атәыла араионқәа зегьы рҟынтә арҭ аҽырыҩрақәеи аҽырхәмаррақәеи ирылахәхарц иааит аҽыҩцәа. Атурнир иалагеит Аԥсны абираҟ ашьҭыхрала. Анаҩс акәашаратә коллективқәа злахәыз аныҳәатә концерт мҩаԥган.

Аҵәыршәразы раԥхьа ашҭа иқәлеит Лыхааи Кәтолааи. Уи ашьҭахь быжь-дистанциак рыла аҽырыҩра мҩаԥысит, анаҩс аҽырхәмаррақәа ирылагеит. 


1 / 14
Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит.
2 / 14
Атурнир Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәа ахыҵра иазкуп.
3 / 14
"Аԥсны ахада ихраҿа" ҳәа хьӡыс измаз атурнир хацыркхеит амилаҭтә акәашаратә, ашәаҳәаратә ансамбльқәа рықәгыларала.
4 / 14
Аҽырыҩра иахәаԥшырц ауаа рацәа еизеит.
5 / 14
Аҵәыршәразы раԥхьа ашҭа иқәлеит Лыхааи Кәтолааи. Афото аҟны: лыхнытәи аҽыҩ аҵәыршәара иҽазикуеит.
6 / 14
Ахәаԥшцәа акы ак рывшәомызт, азҿлымҳара ду аадырԥшуан.
7 / 14
Аҵәыршәраҿы кәтолаа аиааира ргеит.
8 / 14
Аҵәыршәара аамышьҭахь аҽырыҩра иалагеит.
9 / 14
Аҽырыҩра аинтерес ду рызцәырнагоит аҷкәынцәа хәыҷқәа.
10 / 14
Иааидкыланы быжь-дистанциак рҟны еиԥхныҩуан аҽқәа.
11 / 14
Аҽырыҩра иахәаԥшырц иааит аҭыԥҳацәа хәыҷқәагьы.
12 / 14
Километрак иҟоу адистанциаҿы аиааира игеит Осман Чхьебелиа.
13 / 14
Ахәаԥшцәа ирбаз иалацәажәоит.
14 / 14
Аҽырыҩраҿы аиааира згақәаз рҳамҭақәа ранаршьоит. Дистанциацыԥхьаӡа аиааира згақәаз иранаршьон хҩык Аԥсны ахадацәа рыхраҿақәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ихраҿа, Аиааира 25 шықәса ахыҵра ахраҿа уҳәа егьырҭгьы.