Арадио

Ҷолариа "Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааиразы": аԥхьара аӡыргара хықәкыс иамоуп

Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира" захьӡу сынтәа фынтәны имҩаԥырго Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль шеиҿкаахо.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҷолариа арт-фестиваль иазкны

"Есышықәса цәыббра 25 рзы ауп ианымҩаԥааго арт-фестиваль, хықәкыс иҳамоу аԥхьара аӡыргароуп,  аԥхьара ауаа радыԥхьалароуп. Иара арҵаулара иадҳәалоуп еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иахьеиҿаҳкаауа аҿыханҵа, анапҟазара, амода, аспорт, алитература рҭыԥқәа. Иара убас еиҿаҳкаауеит ашәҟәықәыргыларҭақәа рацәаны. Афестиваль аҟны аноминациақәа рацәаны иҟалоит, урҭ рҟны ҳамҭас ашәҟәқәа ҟалоит. Уи аҽны иаҳҭаауеит ҿыц апоезиахь зшьаҿа еихызгаз инаркны зхы аазырԥшхьоугьы. Иаҳзаауеит Краснодарынтәи, Москвантәи, Адыгатәылантәи абиблиотекақәа русзуҩцәа, дара рҿгьы  ашәҟәы иаԥхьо рхыԥхьаӡара каҳаит", — иҳәеит Ҷолариа.