АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Арезина иалху ашхәақәа рыла амшын ихыз амигрантцәа рбеит Испаниа амшын аҟны ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа. Дара Испаниаҟа анеира рҽазыршәон. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Асабшаҽны Андалусиа ааигәара игәаҭан ашхәақәа жәаба (381-ҩык зҭаз), жәаҩаҩык зҭаз аҽа шхәак гәаҭан Балеартәи адгьылбжьахақәа иахьрыҵаркуа. Абри атәы Twitter аҿы ианырҵеит Испаниа амшын аҟны ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа.
Амҽышазы Альборан амшын аҟны ашхәақәа ҩба аԥшаҳәахьы акыдгылара рыҽшазыршәоз ирбеит. Дара 117-ҩык ауаа рҭан. Урҭ Малагаҟа инаган.
Сынтәатәи ашықәс азы Адгьылбжьаратә мшын ихылеит 78 нызқьҩык амигрантцәа. Урҭ рҟынтәи 1700-ҩык ҭахеит. Испаниа иӡхыҵит 34 238-ҩык амигрантцәа. Испаниаҟа иаауа амигрантцәа рхыԥхьаӡара хынтәны еиҳахеит 2017-шықәсазы.