Аҵарауаа ишьақәдыргылеит адунеи аҟны аԥсра еиҳарак мзызны иамоу

Аекспертцәа рдыррақәа рыла, арыжәтә еиҳарак ирыдыркылоит Европатәи атәылақәа рҿы. Убри аан Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаара ишазгәанаҭо ала Урыстәыла, Молдавиа, Беларусиа рҟны ари атенденциа еиҵахо иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Аҵыхәәтантәи аамҭазы имҩаԥгаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит адунеиаҿы аԥсра зегьы иреиҳау мзызны ишамоу арыжәтә џьбара ахарҟьара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара реиҳа ишәарҭоу аҿкы ахьӡ аҳәеит

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаара аекспертцәа ишазгәарҭаз ала, есышықәса аҩажәатәи аԥсра ахҟьоит арыжәтә џьбара адкылара. Аиҳарак убри аан иҭахо иреиуоуп ахацәа.

Уаанӡа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаареи агәабзиарахьчара аминистрреи ишьақәдыргылахьан Урыстәылеи Мрагыларатәи Европеи ахацәа аҳәса раасҭа заа иԥсуеит ҳәа.