Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара реиҳа ишәарҭоу аҿкы ахьӡ аҳәеит

© Фото : Louis ReedЛаборатория
Лаборатория - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арыԥҳачымазара иахҟьаны жәанызқьҩыла ауаа адунеи аҿы иԥсуеит. Ачымазара акәзар, аҽунардыруа иҟалоит ауаҩы ицәеижь ианалаҽлак ашьҭахь мацара. Уи акыр иаруадаҩуеит ахәышәтәра.

АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ауаа зегь раасҭа изыцәшәаша аҿкчымазара – арыԥҳачымазара ауп ҳәа ахьӡ аҳәеит, ааԥхьарагьы ҟанаҵеит иара аҿагыларазы иалшо ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥгалахарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аиҿкаара асаит аҿы иарбоу аҳасабырба адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ачымазара азыԥхьагәаҭаразы имҩаԥырго аусурақәа иахәҭоу алҵшәа аарышьҭуам. Жәа-миллионҩык арыԥҳачымазара рыхьит 2017 шықәса рзы, урҭ рҟынтәи рыԥсҭазаара иалҵит 1,6 миллионҩык.

Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара иазгәанаҭеит адунеи аилазаара еицымҩаԥырго аусурақәа ирылҵшәаны 2000 шықәса раахыс 54 миллионҩык аԥсра иахырԥан ҳәа.

Урыстәылагьы имҩаԥысуа аҿагыларатә усурақәа иҵоуроу алҵшәақәа аадырԥшуеит. Ачымазареи иара иахҟьаны аԥсыҭбареи 5% 13% рыла иларҟәуп.

Ус шакәугьы иара даара ашәарҭара злоу ҿкчымазароуп ҳәа ахырҳәаауеит аекспертцәа.

Роман Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: Аԥсны уаанӡа иҟамыз аҿкы чымазара ҿыцқәа цәырҵуа иалагеит

Зылшара ԥку аҳәынҭқаррақәа рҿы сынтәа мацара арыԥҳачымазара азыԥхьагәаҭареи ахәышәтәреи рзы 3,5 миллиард доллар рзымхоны иҟоуп.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа агәра ганы иҟоуп ипроблема хаданы ииҟоу аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаа еиҳа ахархәара змоу ахәшә рифампицин анырра знамҭо арезистенттә форма рыхьуа иахьалагаз ауп ҳәа.

Аекспертцәа иара убасгьы ирҳәоит адунеи аҿы дарбанызаалак аԥшьбатәи ауаҩԥсы абри аҿкчымазара ицәа-ижьы иалоуп, иныҟәигоит ҳәа.

Иара еиуеиԥшым амикробактериақәа ирхылҿиаауеит. Ауаҩы ирыԥҳақәа ирылаҽуеит.

Амикробактериақәа аӡәы иҟынтәи аҽаӡә иахь ииасуеит ацәажәараан, аимҳәара-аимсараан.

Ажәабжьқәа зегьы
0