"Аконгресс аҭыԥқәа алырхуеит аримцәа I-тәи инаркны V-тәи ашәышықәсанӡа абаагәара, аныхақәа, мамзар ус ақалақь ахьыԥшааз аҳәынҭқарраҿы, мамзар уи акәша-мыкәша. Зегь раԥхьа иргыланы абри алимес ианалацәажәо, Амшын Еиқәа инаркны Европанӡа ицоит, Дунаи аӡиас ҳәаан ирыман. Болгариа ҳәа усҟан иахьыҟаз, Амшын Еиқәа инаркны Дунаи иавоуп иара, убра зехьынџьара ахырӷәӷәарҭақәа гылоуп. Убри зегьы ҳакәыршаны иаҳдырбеит, уагьарааԥсоит иара. Хәышә-фышәҟа километра уцароуп-уаароуп. Амала ҳахьнеиуаз қалақьцыԥхьаӡа иҟарҵеит аконференциа, убас ибзианы еиҿкаан.
Болгариеи Сербиеи иҟоу ахырӷәӷәарҭақәа ахьеиԥшқәоу рацәоуп, аха Болгариа иаҳа иҭҵаазар ҟалап, рхыԥхьаӡарагьы ахьырацәоу уи иахҟьозар акәхап", — иҳәеит Сақаниа.