Аҳәынҭқарратә Думаҿ атәанчаратә системахь ариашарақәа рыдыркылеит

Уаанӡа Путин иқәгылараҿы иазгәеиҭахьан атәанчаратә системахь аиҭакрақәа ирхықәкы хадоу атәанчаратә система ашьақәыртәароуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 26— Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думаҿ апроек аҩбатәи аԥхьарала атәанчаратә системахь Владимир Путин ириашарақәа рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи атәанчахәқәа ирыцлоит 2019 шықәса рзы

Аӡбра еицҿакрыла ирыдыркылеит. Аԥсахрақәа рзы рыбжьы рҭиит 385 депутат. Атәыла ахада ариашарақәа жәба алеигалеит апроект ахь.

Адепутатцәа иара убасгьы ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит "Единая Россия" ажәалагалақәа: аус зымуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы аиндексациа азуразы.

Ԥхынгәымзазы Аҳәынҭқарратә дуамҿ актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аиҳабыратә закәан апроект. Иара инақәыршәаны атәанчарахьы ицо рышықәс иацҵахон: ахацәа рзы – 65 шықәса, аҳәса рзы – 63 шықәса.

Аха нанҳәа анҵәамҭазы Владимир Путин арҭ аӡбрақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит.

Путин иажәақәа рыла аҳәса ртәанчаратә шықәс 60 еиҳамзароуп, иара убасгьы ахшара рацәа змоу анацәа заанаҵы атәанчара рцара еиҿкаатәуп. Уи адагьы атәанчаратә шықәс аламҭалаз ауаа аусура рамхраз административтә ҭакԥхықәра иаҵаргылатәуп аусураҭаҩцәа.