Аҟәа ахақәиҭра амшаз "Аибашьра ахԥатәи амш" хәыда-ԥсада идырбахоит

Аԥсуа шәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа ирылху аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш" ықәдыргылеит Аԥсуа ҿартә театр аҟны.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 26 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә Аԥсуа ҿартә театр "Аибашьра ахԥатәи амш" хәыда-ԥсада ахәаԥшаҩцәа иднарбоит цәыббра 27 асааҭ 18:30 рзы, абри атщы иҳәеит атеатр адиректор Аслан Еныкь.

Аспектакль дырбахоит Аԥсуа драматә театр аҿы.

"Аспектакль аҿы аибашьра аламҭалазтәи ахҭысқәа еиҭанаҳәоит: ашәымҭак ала ҩыџьа аигәылацәа, аԥсуеи агыруеи шеиӷацәахаз. Абри амш азы раԥхьа иргыланы аспектакль рбар ҳҭахуп аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа. Иара убасгьы ҳара ҳарзыԥшуп аҿар: астудентцәеи ашколхәыҷқәеи. Иахьа имаҷҩым ҳаибашьра аҭоурых арыцхәқәа цқьа иззымдыруа. Ҳгәыӷуеит аспектакль уи ханарҭәаап ҳәа", — иҳәоит Еник.

Аԥсуа шәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа ирылху аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш" ықәлыргылеит Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа. Раԥхьаӡа акәны иара ахәаԥшҩы идгалан лаҵарамзазы.