Арадио

Ажьиба еиҭалҳәеит, Ҭҟәарчалтәи амузыкатә школ Чачхалиа ихьз ахҵара шыҟалаз атәы

Ҭҟәарчал араион акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы илҳәеит, араионтә музыкатә школ Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы, марттәи ажәылараан иҭахаз агәыԥ "Бабаду" иалахәыз Резо Чачхалиа ихьӡ шахҵахаз атәы.
Sputnik
Ажьиба еиҭалҳәеит, Ҭҟәарчалтәи амузыкатә школ Чачхалиа ихьз ахҵара шыҟалаз атәы

"Резо Чачхалиа аҵара иҵон, дагьалгеит Ҭҟәарчалтәи амузыкатә школ. Иара аӡәзаҵәык иоуп ашкол аушьҭымҭацәа рҟнытә аибашьраан иҭахаз. Амузыкатә школ арҵаҩратә еилазаара аҳәарала иазыӡбан аҵараиурҭа Резо Чачхалиа аихьӡ ахҵара. Уи аҳаҭыраз иахьа имҩаԥысит аныҳәатә концерт. Сысны ашкол иаҭааит иара иаҳәшьа, Мзиа Чачхалиа, иара убас Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа, дара инарыгӡеит Резо Чачхалиа иашәақәа. Ҭҟәарчалтәи амузыкатә школ ахь иахьазы иныҟәоит 46-ҩык аҵаҩцәа", — ҳәа азгәалҭеит Ажьиба.