Арадио

Ҷкотуа: ачара мҩаԥызго аиҳабы, ахы ааиқәшәаны дыԥсуазар, еиҳау хьымӡӷ ыҟаӡам

Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аԥсуа чарақәа рҿы ахысра азҵаара.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Ҷкотуа ачараҿы ахысра иазкны

"Иҳаҳауа ажәабжьқәа ҳгәы ҳдырхьуеит, ҳагьдырхәыцуеит. Маҷк ҳаԥсуарагьы ҳацәыхарахеит,  азакәан хьаас ишьҭаҳхом, абџьарла ауаҩы дҳамхашьыр — машәырхоит, машьынала  даҳшьыр — машәырхоит, ижәны иакәым ҟаҳҵар- машәырхоит. Ари шьцылара бааԥсны ишьҭаҳхит. Зхы здыруа ауаҩы,  машәыр иҽақәиршәаӡом. Ачара мҩаԥызго аиҳабы, ахы ааиқәшәаны дыԥсуазар, еиҳау хьымӡӷ ыҟаӡам. Ара иурԥшӡо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аҳҭнықалақь агәҭа аҟәҟәаҳәа ҳхысуа ачарақәа мҩаԥаагоит, иаанагои ари. Иаанаго аҳәынҭқарра азакәан, ҳаламыс, ҳлеишәа, ҳқьабз — зегьы мап рыцәкроуп. Ари хырхарҭак аҭатәуп, иаанкылатәуп шьҭа. Ҭырқәтәыла амашәырқәа аныҟала, аҵыхәтәаны зцәа зтәымыз Кәыԥалԥҳа ачараҿы даныршь, 2004 шықәсазы Адаԥазар иаҵанакуа аԥсуа —адыга  60 қыҭақәа рхаҭарнакцәа еизеит. Аӡбамҭа рыдыркылеит ачарақәа рҿы ахысрақәа аанкылазарц. Иаҳҳәап, уи аӡәы дықәымныҟәаӡеит, убри аамҭазы ачара аанҳажьуеит, иԥсрахьгьы ҳнеиӡом, аԥсшәа иаҳәарагьы ҳаҟәыҵуеит, ҳаԥсҭазаара далцуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ажәлар еизаны ас еиԥш анырыӡба, уара ишуҭаху узныҟәаӡом. Иахьа шьҭа жәохә шықәса ҵуеит, џьаргьы еиларымгацт, избанзар ари ҟазҵо аԥсуароуп, уаанӡа аҳәынҭқарра амчала аҭыԥ ирзықәымҵаӡеит", — иҳәеит Ҷкотуа.