Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭарба аԥсабара ахьачараз азакәан иазкны
© Sputnik
"Ақыҭанхамҩа аминистрра иаҳа аҵиаақәеи аԥсабареи ахьчара аус иазааигәоуп, урҭ аусқәа рымҩаԥгара иаҳа иазҿлымҳазароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа азакәан аҿы иарбоуп, ус еиԥш иҟоу хаз игоу усбараҭа аҟазаара, убри аԥыхны, ақыҭанхамҩаҿы иаанҳажьырц ҳгәы иҭоуп. Аԥсабара ахьчара, ари зегьы иаҳзеиԥшу усуп, азакәан аԥсахрақәа ралагалара, алҵшәа злыҵша ҳәа акәны ҳахәаԥшуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.