Арадио

Адлеиба: амҳаџьырреи, аибашьреи срызхьаԥшлоит, аха ишысҭаху еиԥш снапаҿы иааиуам

Аҟәа иаатит "Аибашьреи аҭынчреи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазараҿы" ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵа. Ацәыргакәҵа авторцәа руаӡәк, аскульптор Амиран Адлеиба, Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәаиҭеит аибашьра атемала иара ишыиҭаху еиԥш аусумҭақәа шизаԥымҵац.
Sputnik

"Ари даараӡа ихадоу аибашьара ааилгеижьҭеи,  ихадоу ҭемоуп сара сзы, егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа рзгьы. Амҳаџьырреи, аибашьреи, ҳмифқәеи — абарҭ атемақәа лассы-лассы срызхьаԥшлоит, аха ишысҭаху еиԥш снапаҿы иааиуам. Сырҿуп аиҭахәаԥшра, срызхәыцуеит. Макьана маҩабжара сануп ҳәа исыԥхьаӡоит", — ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба.