Аҭаҭын аалыҵ закәандарыла Аԥсны аҳәаа ахыргаразы аҽазышәара ҟаҵан

Закәандарыла аҭаҭын аалыҵ Урыстәыла аҵакырахь аиагара ԥыркит шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. 1,5 миллион мааҭ рҟынӡа зыхәԥса тәоз, х-нызқь ҭоԥ аҭаҭын аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыгара иҽазишәеит ареистә автобус Аҟәа — Владикавказ арныҟәцаҩ ҳәа аанацҳауеит "Кубань 24".

Еиуеиԥшым амаркақәа иреиуоу аҭаҭын ҭоԥқәа автобус атехникатә ҭыԥқәа рҿы иҵәахын.

Урыстәыла аҳазалхратә закәанԥҵара инақәыршәаны, атәылауаа азин рымоуп ҭоԥк еиҳамкәа аҭаҭынаалыҵ аҳәаа ахыгара.