Арадио

Кәыҵниа: Аҟәа ахақәиҭтәра ажәабжь еиԥш ахаан акы самеигәырӷьац

Саид Кәыҵниа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еиебашьра ианалагаз ихыҵуан 12 шықәса. Иҭаацәеи иареи Аҭара ақыҭан иҟан. Уи аибашьра игәаалшәараҿы ишаанхаз атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Sputnik

"Аҭара ақыҭан аҭагылазаашьа убыс иҟалеит, анхацәа зегьы џьаргьы изымцо амацәаз ҳҭакхеит. Уаҳа ианамуӡа, зегьы ҳаицны, агара игараз ахәыҷқәагьы ҳацны, аҳәсақәа рылаӷырӡкәза рҿаҳәҳәы 200-ҩык рҟныӡа ҳдықәлеит иаҳа иахьҭынҷроу ақыҭақәа рахь.  Акәарақәа ҳарҭаланы, аӷа ихымҩасқәа аҵлақәа ана-ара ишраахоз урҭ ҳҽырцәыхьчаны убыс Ҭоумышь ҳкылсит, аха уаагьы афронт аартуп. Кәтол, Ӷәада ақыҭақәа ҳанрылсуаз доусы рыуацәақәа рахь инеиуан, ҳаргьы ҳаангылеит Ӷәада.

Схәыҷын, аха ажәабжьқәа слымҳа кыдҵан сырзыӡырҩуан, афронтқәа ахьыҟоу,  аӷа дахьыҟоу аҭыԥқәа географиала зегьы еилыскаауан. Минуҭк, секундк ыҟамызт Аҟәа анбарго ҳәа сазхәыцуан. Исгәалашәоит, Ҷлоу ҳаҟан, уахынланы Аҟәа ргеит ҳәа аҳәса ааилагылеит. Сгәырӷьара ҳәаа амамызт, ус еиԥш ахаан акы самыргәырӷьарцызт. Ажәҩан дырлашеит ахысыбжьқәа ирылҟьоз амцабз, убысҟан агәра ҳгаҵәҟьеит Аиааира шаҳгаз", — ҳәа игәалаиршәоит Кәыҵниа.