Кәасҭа Ченгьелиа агәыԥ "Аиааира" аԥҵара иазкны: 26-ҩык ашәаҳәаҩцәа ҟалеит

Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа арадио Sputnik Аԥсны аҟны игәалаиршәеит аибашьраан ашәақәа назыгӡоз агәыԥ "Аиааира" шаԥҵаз.
Sputnik

"Аибашьра ианалага изулакгьы Аҟәантәи Гәдоуҭаҟа сцеит. Уа сахьнеиз Хас Зибукаев иажәеинраала кыдын "Шәымшәан, шәгәы кашәмыжьын" ҳәа. Убри ашәа алысхит, изҳәогьы еизызго салагеит, 26-ҩык рҟынӡа ашәаҳәаҩцәа ҟалеит. Азныказы арратә агитациатә бригада ҳәа иҳашьҭан, анаҩс Гагра ахы ианақәиҭтәха, Лиалиа Тәанԥҳа ажәеинраала сзыналышьҭит "Мамзышьха", аха сара ашәа "Аиааира" ҳәа ахьӡыстәит. Избанзар уи ауаа иаҳа рхаҿы-ргәаҿы инеиуеит. Раԥхьа асоло Тото Аџьапуа инаигӡон. Ус ҳашнеиуаз ҳгәыԥ аконцерттә бриагада ҳәа изышьҭаз ацкьыс еиӷьу ҳәа ахьӡ" Аиааира" аҳҭеит", — иҳәеит Ченгелиа.