Гагра араион анапхгара аветеранцәа-аинвалидцәа Аиааира амш рыдырныҳәалеит

Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа Аиааира 25 шықәса ахыҵра рыдырныҳәалеит Гагра араион анапхгара.
Sputnik

ГАГРА, цәыббра 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион анапхгара, Аиааира амш аламҭалазы ирҭааит ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа, аԥаратә ҳамҭа рыманы.

Араион Ахадара аиҳабы Геннади Сыҷынаа, аинвалидцәа зегьы рнапқәа рымхуа ргәабзиара дазҵааит, аӡәаӡәала дрыдныҳәалеит.

Аиашазы, угәы иахәаратәы ҭаацәашәалатәи аидтәалара мҩаԥысит. Аиааира аҳаҭыр азы аныҳәаҿақәагьы шьҭырхит. Иргәалашәеит аибашьра аҭоурыхқәа.

"Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира 25 шықәса ахыҵра. Шәареи ҳареи аибашьра ҳхаҳгеит, иҳавыршьааит ҳҩызцәа. Згәабзиара ахҭнызҵаз шәакәзар, шәҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵоит ишахәҭоу еиԥш хылаԥшара ахьшәаҳамҭо. Ҳазшаз ақәранҵыра шәаҭәеишьааит, есышықәса Аиаиара амш ҳаицаԥылартә еиԥш алшара ҳамазааит", — иҳәеит Геннади Сыҷынаа.

Гагра араион Ахадара аиҳабы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа Рассоциациа Гагратәи аҟәша аиҳабы Ерик Ладариа инапаҟны ииҭеит аԥаратә ҳамҭа, аибашьцәа рзы.

Геннади Сыҷынаа ицны иааиз ихаҭыԥуаҩцәа ракәзаргьы, аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рҿаԥхьа ихырхәеит. Зганахь агәцаракра аарԥшыз, ирзааиз асасцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит.