Арадио

Кәарҷиа: ҳаҷкәынцәа Кәыдры ацҳаҿы еиқәшәеит ҳәа анырҳәа, агәра сзымгеит

Аҟәа ахақәиҭтәреи Кәыдры ацҳаҿы аԥсуа еибашьцәа реиқәшәара шыҟалази атәы арадио Sputnik Аԥсны аефирала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы игәалаиршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Абессалом Кәарҷиа.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Кәарҷиа Аиааира агара иазкны

"Ахсаала ҳанахәаԥшуаз сгәы иаанагон, абри Аҟәа ҳгап, аха Кьалашәырынӡа акәхап, нас иҳаԥсыхәои ҳәа. Абас акәын ҳашхәыцуаз. Абасҵәҟьа ҟалап ҳәа аӡәгьы дгәыӷуамызт. Дарбанаазалак арра атәы здыруа еиликаауеит иаҳҿагылаз амчқәеи, еибашьуази еиҿуырԥшыр, абри аҩыза алҵшәа аиуп ҳәа ргәы иаанагомызт. Сара сгәаанагарала доуҳа мчык ҳацхрааит. Ҳаҷкәынцәа Кәыдры ацҳаҿы еиқәшәеит ҳәа анырҳәа, агәра сзымгеит, уи гәырӷьара дуун. Зынгьы агәра шаҳзымгоз, Аԥсны ҭаҳарцәит", — ҳәа азгәаиҭеит Кәарҷиа.