Арадио

Миқаа: ҩ-фронтк реибабара ахаан иухамышҭуа хҭысуп

Аҟәа ахақәиҭтәреи Кәыдры ацҳаҿы аԥсуа еибашьцәа реиқәшәареи шыҟалаз атәы, арадио Sputnik Аԥсны аефирала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы игәалаиршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Леуан Миқаа.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Миқаа Аиааира агара иазкны

"Аҟәа анҭаҳарцәы аԥсуа ар убас ицон, ҳнызкыло мчы ыҟоуп ҳәа сыздыруамызт. Кәыдрынӡа ҳаннеи, хымԥада, иаадыруан ҳаҷкәынцәа штәаз, аха иҳаздыруамызт ацҳа аанкылара шрылшаз. Нас ауп ианеилаҳкаа уаҟа аибашьра ӷәӷәа шцоз. Раԥхьа азҵаара цәырҵит ацҳа ииасрыда ҳәа, Кокаиа ҷкәынак, иҳацыз с-Аӡҩыбжьатәуп аҷкәынцәа сырдыруеит иҳәан раԥхьа дцеит, нас Хьрыԥс Џьопуа. Уи ашьҭахь иаҳзеиҭарҳәеит абџьар ҳақәкны ҳашрымаз, абарҭ закә қырҭцәои имшәаӡакәа иаауа ҳәа ишхәыцуаз. Ҳаиԥылара нахыс зегьы еилыркааит, агәра ргеит аибашьара шынҵәаз. Ҩ-фронтк реибабара ахаан иухамышҭуа хҭысуп, аиааира еиҳау гәырӷьара ыҟам, ҳзеиԥхыӡуаз лабҿабахеит", — ҳәа игәалаиршәоит ахҭысқәа Миқаа.