АҞӘА, цәыббра 30 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Ахақәиҭра ашҭа рықәсра иалахәуп ареспублика ауааԥсыра реиԥш Аԥсныҟа иааз Нхыҵ Кавказ, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие рҟынтәи аибашьра хатәгәаԥхарала алахәылацәагьы. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аныҳәатә мҩасра аадыртит Гәымсҭатәии Мрагыларатәии афронтқәа реибашьцәеи ркомандирцәеи.
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ҩ-нызқьҩык рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедалқәа ранашьоуп. Аибашьраан иҭахеит 260-ҩык аибашьцәа.
Аџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.