Аиааира апарад мҩаԥысуеит Аҟәа

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазку Аиааира апарад иалахәуп 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазку Аиааира апарад иалахәуп 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Ахақәиҭра ашҭа иқәсит

Ахақәиҭра ашҭа иахашәыршәыруеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аиааира абираҟи. Апарад акомандаҟаҵаҩ, аинрал-леитенант Беслан Ҵәыџьба Аԥсны Атәылахьчара аминистр, ар реинрал Мираб Кьышьмариа апарад амҩаԥысра ишазыхиоу иеиҳәеит.

Мираб Кьышьмариа ар аныҳәа рыдныҳәалан атрибунахь днеины ар ркомандаҟаҵаҩ хада Рауль Ҳаџьымба ажәахәнҵа ииҭеит арратә парад амҩасра ишазыхиоу азы.

Атәыла Ахада ажәлар ирыдиныҳәалеит Аиааира амш.

"Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа амҩаԥгара ҳацеиҩыршоит ҳашьцәа, ҳҩызцәа. Ҳажәлар абри амш иақәырҵеит шәкыла-зқьыла иреиӷьӡақәаз рыԥсҭазаарақәа. Иаалырҟьан ҳаԥсадгьыл иақәлаз ақырҭуа фашистцәа рабашьраҿы ҳара иҳавагылеит Аԥсныҟа иааз, Нхыҵ Кавказ, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие рҟынтәи аибашьра хатәгәаԥхарала зхы алазырхәыз", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит ашьхақәа ирхыҵны, мҩахәасҭала арахь амҩа ишықәыз Кавказ ажәларқәа рконфедерациа иҟанаҵаз ааԥхьарыла шәҩыла ҳадгылаҩцәа.

"Ҳажәлар ахааназ ирхашҭраны иҟам Аԥсны адгыларазы Кавказ ажәларқәа еидызкылаз Иури Калмыков, Султан Сосналиев, Муса Шанибов, Иусуп Сосламбеков, Адам Хуаде уҳәа егьырҭгьы рыхьыӡқәа", — иҳәеит Ахада.

Аџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.

1 / 9
Мираб Кишмария на Параде Победы
2 / 9
Военный парад
3 / 9
Военный парад
4 / 9
парад
5 / 9
Военный парад
6 / 9
"Ноль первый" снова в строю
7 / 9
Парад
8 / 9
Военный парад
9 / 9
Военный парад