"Аибашьра анцәахәқәа" Ахақәиҭра ашҭа иқәсит

Аԥсуа артиллериа аҭоурых ахы акит 1992 шықәса цәыббрамзазы. Аибашьра нҵәаанӡа шәкыла артиллериатә шьақәгылақәа рнапахьы иааргеит аԥсуа ган аибашьцәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 30– Sputnik, Бадри Есиава. Апарад амҩаԥгаҩцәа "Аибашьра анцәахәқәа" ҳәа рзырҳәеит Ашҭа иқәлаз артиллеристцәа.

Арратә авиациа ажәҩан иаҵыргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ

"Артиллериа ахархәарала иҭархан хыԥхьаӡара рацәала аӷа икәылӡтәы техника, иштабқәа, иуааԥсыра. Шәкыла артиллериатә шьақәгылақәа аӷа импыҵхын. Аколлонна ахаҿы дгылоуп артиллериатә гәыԥ акомандаҟаҵаҩ, амаиор Аслан Аҳәба", — рҳәеит адикторцәа.

Атрибуна аԥхьа имҩасит аминометқәа ПМ-120 рполк, азениттә шьақәгылақәа, агаубицақәа, ашьақәгылақәа "Град", аимадаратә машьынақәа, хықәкырацәалатәи автомобиль "ТИГР".

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.

Военный парад Победы