АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ашьыжь, асааҭ жәба рзы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу аҭыԥ ахь инеиит атәыла анапхгара, ауаажәларра.
"Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы ишәыдысныҳәалоит абри амш лаша. Аибашьра ҳазыҟаҵамызт, ҳагьазыԥшымызт. Ақырҭцәа ракәзар бџьарла еиқәных иҳақәлеит. Ус шакәызгьы ҳаҷкәынцәа шәарак ҟамҵакәа хаха аӷа ижәлеит. Аиааира 25-шықәса ахыҵра рыцхә дууп, ихьӡырҳәагоуп. Аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи шәзеиӷьасшьоит Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы", — иҳәеит Ешыра анхаҩы Зураб Арӡынба.
Ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан Ахьӡ-аԥша апарк аҿгьы.
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны ахи-аҵыхәеи ахы иақәиҭтәын ақырҭуа фашистцәа рҟынтәи. Аԥсуа ар аҳәынҭқарратә ҳәаа иахадыргылеит Аԥсны абираҟ.
Аибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.