Арратә авиациа ажәҩан иаҵыргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазку Аиааира апарад иалахәуп 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи, ахархәара рыҭоуп авертолетқәа МИ-8, МИ-24, ажәыларатә ҳаирпланқәа Л-39.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Авиациа ажәҩан иаҵыргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Ми-8 аԥсҟы икын аибашьра аветеран, аполковник Нури Герзмаа, авертолет Ми-24 аԥсҟы икын акомандир Антон Велигор. Ахақәиҭра ашҭа иахаԥраауан ажәыларатә авиациа Л-39. Авиациа акомандаҟаҵаҩ — аинрал Адгур Гумба.

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазку Аиааира апарад иалахәуп 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи.

Авиация на военном параде