"Ԥсра зқәым архәҭа", абираҟ ажәҩанаҿ: Аиааира апарад мҩаԥысит Аҟәа

Sputnik

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.

Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ҩ-нызқьҩык рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедалқәа ранашьоуп. Аибашьраан иҭахеит 260-ҩык аибашьцәа.Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.

1 / 29
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазку Аиааира апарад иалахәуп 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи
2 / 29
Мираб Кьышьмариа ар аныҳәа рыдныҳәалан атрибунахь днеины ар ркомандаҟаҵаҩ хада Рауль Ҳаџьымба ажәахәнҵа ииҭеит арратә парад амҩасра ишазыхиоу азы
3 / 29
Аџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.
4 / 29
"Ҳажәлар ахааназ ирхашҭраны иҟам Аԥсны адгыларазы Кавказ ажәларқәа еидызкылаз Иури Калмыков, Султан Сосналиев, Муса Шанибов, Иусуп Сосламбеков, Адам Хуаде уҳәа егьырҭгьы рыхьыӡқәа" - иҳәеит Аԥсны Ахада
5 / 29
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ҩ-нызқьҩык рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедалқәа ранашьоуп. Аибашьраан иҭахеит 260-ҩык аибашьцәа.Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.
6 / 29
Аиааира 25-шықәса ахыҵра амш аҽны 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Ахақәиҭра ашҭа рықәсра хацыркуп.
7 / 29
Аныҳәатә мҩасра аадыртит Гәымсҭатәии Мрагыларатәии афронтқәа реибашьцәеи ркомандирцәеи
8 / 29
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Ахақәиҭра ашҭа рықәсра иалахәуп ареспублика ауааԥсыра реиԥш Аԥсныҟа иааз Нхыҵ Кавказ, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие рҟынтәи аибашьра хатәгәаԥхарала алахәылацәагьы.
9 / 29
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны ахи-аҵыхәеи ахы иақәиҭтәын ақырҭуа фашистцәа рҟынтәи. Аԥсуа ар аҳәынҭқарратә ҳәаа иахадыргылеит Аԥсны абираҟ.
10 / 29
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.
11 / 29
Аԥсуа артиллериа аҭоурых ахы акит 1992 шықәса цәыббрамзазы. Аибашьра нҵәаанӡа шәкыла артиллериатә шьақәгылақәа рнапахьы иааргеит аԥсуа ган аибашьцәа.
12 / 29
"Артиллериа ахархәарала иҭархан хыԥхьаӡара рацәала аӷа икәылӡтәы техника, иштабқәа, иуааԥсыра. Шәкыла артиллериатә шьақәгылақәа аӷа импыҵхын. Аколлонна ахаҿы дгылоуп артиллериатә гәыԥ акомандаҟаҵаҩ, амаиор Аслан Аҳәба", — рҳәеит адикторцәа.
13 / 29
Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса рхыҵра иазку Аиааира апарад иалахәуп 1,5-нызқьҩык рҟынӡа аруааи шәкы инареиҳаны арратә техникеи, ахархәара рыҭоуп авертолетқәа МИ-8, МИ-24, ажәыларатә ҳаирпланқәа Л-39.
14 / 29
Атрибуна аԥхьа имҩасит аминометқәа ПМ-120 рполк, азениттә шьақәгылақәа, агаубицақәа, ашьақәгылақәа "Град", аимадаратә машьынақәа, хықәкырацәалатәи автомобиль "ТИГР".
15 / 29
Ми-8 аԥсҟы икын аибашьра аветеран, аполковник Нури Герзмаа, авертолет Ми-24 аԥсҟы икын акомандир Антон Велигор. Ахақәиҭра ашҭа иахаԥраауан ажәыларатә авиациа Л-39. Авиациа акомандаҟаҵаҩ — аинрал Адгур Гумба.
16 / 29
Авиациа ажәҩан иаҵыргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ
17 / 29
Хәыҷи-дуи рзы Аиааира 25 шықәс аахыҵра иазку апарад аинтерес рзаҵан
18 / 29
Аибашьра нҵәаанӡа шәкыла артиллериатә шьақәгылақәа рнапахьы иааргеит аԥсуа ган аибашьцәа.
19 / 29
Атрибуна аԥхьа имҩасит аминометқәа ПМ-120 рполк, азениттә шьақәгылақәа, агаубицақәа, ашьақәгылақәа "Град"
20 / 29
Аимадаратә машьынақәа, хықәкырацәалатәи автомобиль "ТИГР" алахәын Аиааира иазкыз апарад
21 / 29
Агәалашәаратә акциа иалахәуп иҭахаз рыуацәа рҭынхацәа
22 / 29
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәуп 1500-ҩык инарзынаԥшуа ареспублика ауааԥсыра
23 / 29
Хынтәуп Аԥсны абри аҩыза акциа мҩаԥыргоижьҭеи. Уаанӡа иара мҩаԥысит ареспублика егьырҭ араионқәеи ақалақьқәеи рҿы.
24 / 29
Атәыла Ахада ажәлар ирыдиныҳәалеит Аиааира амш.
"Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа амҩаԥгара ҳацеиҩыршоит ҳашьцәа, ҳҩызцәа. Ҳажәлар абри амш иақәырҵеит шәкыла-зқьыла иреиӷьӡақәаз рыԥсҭазаарақәа. Иаалырҟьан ҳаԥсадгьыл иақәлаз ақырҭуа фашистцәа рабашьраҿы ҳара иҳавагылеит Аԥсныҟа иааз, Нхыҵ Кавказ, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие рҟынтәи аибашьра хатәгәаԥхарала зхы алазырхәыз" - иҳәеит иара.
25 / 29
Апарад иалахәын ареспублика ашколқәа рҵаҩцәеи апарашиутистцәеи
26 / 29
Ашҭа агәҭа ииқәгылон аспортсменцәа, еиуеиԥшым аспортхкқәа рномерқәа ахәаԥшцәа идырбо.
27 / 29
Апарад иалахәын ареспублика ашколқәа рҵаҩцәеи апарашиутистцәеи
28 / 29
Ахәыҷқәа инарыгӡон Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа. Кавказтәи амотивқәа ирнаало ажәҩан аҟынтәи ашҭахь илбаауан апарашиутқәа рыла адесантникцәа.
29 / 29
Аҳәынҭқарратә бираҟ аԥшшәхәқәа змаз акьапышҭарчқәа рыманы ашҭа иқәсуан ашколхәыҷқәа.