"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам аҭоурыхқәа": Багаҭелиа Аҟәа ахақәиҭтәра иазкны
© Sputnik
"Шрома анаҳга ашьҭахь аиааира аԥсуаа ишыргоз агәра угартә иҟан. Цәыббра 25 рзы абаӷәаза ҳгеит, 27 рзы — Аҟәа. Ҳара амедицинатә ҵараиурҭа аҟынтә, аџьырмыкьа хадахьы ҳкылсран ҳаҟан. Алашарбага аҳабла аҟнытә иаауази дареи ҳаиқәшәарц иазыӡбан. Амедицианатә ҵараиурҭаҿы адгьыл аҵысырҭаҿы ҩыџьа аҷкәынцәа ҳацәҭахеит. Қардиа Ганкеи Аиба Фазлыбеи, адҵа шҳамамызгьы аԥшыхәразы иахьааҵыҵыз аснаипер икит, убраҵәҟьа иҭахеит. Аџьырмыкьаҿы ҳанеиқәашәа нахыс, Совмин ахь ҳхы ҳархеит", — ҳәа игәалаиршәоит ахҭысқәа рыҿиашьа шыҟаз атәы Заурбеи Багаҭелиа.