Арадио

Аҟәысба: аԥсуа диаспара рыԥсадгьыл ахь иаартә еиԥш амҩақәа ырмариатәуп

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рхеилакқәа еидызкыло Афедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит аԥсуа диаспора Аԥсныҟа рааразы амҩақәа шырманшәалатәу.
Sputnik

"Аԥсны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымбеи ҳареи ҳаиԥылараҿы ҳалацәажеит иҳамоу ауадаҩрақәа ртәы. Ҳабызшәа аиқәырхәаразы иҟаҵатәу, ҳаимадара арӷәӷәаразы иазԥхьагәаҭатәу, ҳцара-аара шырманшәалатәу уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа. Ҳаиҭанеиааира мариахарцаз, аҳаиртә баӷәаза аарттәуп, аӷбақәа иааны ицартә еиԥш амҩа рзалхтәуп.  Урҭ рахьынтә иаҳа иманшәалоу аҳаиртә баӷаза аартра ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.