"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам аҭоурыхқәа": Қаџьаиа аибашьратә фотоҭыхымҭақәа ирызкны
© Sputnik
"Аҭыхымҭақәа рыҟаҵара салагеит Ҭоумышь ала. Аибашьра аҟнытә ҩ-сааҭк акәзаргьы, авидеоматериал аҟаҵара даара ихьанҭоуп, угәы унархьуеит. Мрагыларатәи афронт аҿы аккумулиаторк акәын исымаз. Алашарагьы абаҳамаз, азариадка Ҭҟәарчал, Ҷлоу ма Џьгьарада акәын иахьыҟасҵоз. Уи шьапыла уцан уаар акәын. Март жәба рзы ажәылара ҟалараны иҟан Лабра. Аха уи аԥхьа, иазгәаҳҭон март ааба. Аибашьцәа аҳәса ирыдырныҳәалон ақыҭа ишалахысуазгьы. Ажәылара алахәхаразы жәаҩык арԥарцәа ракәын ирҭахыз, уамашәа иубаша ицода ҳәа ианрызҵаа, ҩажәи жәаҩык алҵит. Урҭ ахьцоз рдыруан, аха убри аҟара ргәы ӷәӷәан. Апарад ахь ицозшәа иазыхиан. Убыс еиԥш аҵеицәа ииуа Анцәа иҟаиҵааит иахьагьы", — иҳәеит Қаџьаиа.