Арадио

Ҭарба: аптқәа рҽырымҟьарц ахәшә ес-ҩажәамш иҟаҵалатәуп

Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аптқәа иаанхаз ашәыр аԥхасҭа рырҭоит, ахьшәашәара аламҭалазы иаҳа рҽырҟьоит ҳәа.
Sputnik

"Ҳазҭагылоу аамҭазы хәыҷык ахьшәашәарақәа ааиуа иалагеит, уажәшьҭа аптқәа рыҿиара аангылар ҟалап. Аха иҿианы иҟоу аҽыҵәахра иалагоит, иаҳа иӷәӷәақәоу амҵәыжәҩа змоу, иара измам ахәыҷқәагьы уажәы аԥхасҭа аҟаҵара иалагоит,  инханы иҟоу ашәыр рфоит. Амандарина аҟны апты даара аҽаҟьеит, аҵәа, ажь рышҟагьы инеиуеит. Аӡын иҟаз ахьшәашәара иабзоураны аҿиара иаҳа аԥхын ахь иааскьеит, уи азы ауп хәыҷык иаҳа имаҷшәа изыҟаз. Ари ахәшә знык иақәҭәаны иаҳа иаангылазшәа анырба, ҳауаажәлар ргәы дырҭынчит, аха ус иҟалом.  Ес-жәамш абаҳча, ауҭра, аҩны акәша-мыкәша ахылаԥшра аҭахуп. Аптқәа ԥыҭк аныуба, еиҭарагь ахәшә аҟаҵара аҭахуп, ҩажәамш рыҩныҵаҟа знык ихәшәтәлатәуп", —иҳәеит Ҭарба.