Адепутат далацәажәеит афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара

Урыстәылатәи аилахәыра "Россети" ареспублика иацхраауеит афымцамч азы адифицит ҟамларцаз, уи азы аицнаплак аԥҵахар.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 3— Sputnik, Мариа Шелудиакова. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба урыстәылатәи адепутатцәа дрыҿцәажәеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра аганахь ала. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутат Владимир Катенев.

Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Аԥсныҟа иааит аныҳәатә уснагӡатәқәа рхы рыладырхәырц.

Урыстәылаа адгьыли анхарҭа ҭыԥқәеи раархәара азҵаара иалацәажәан

Катенев иажәақәа рыла аилахәыра "Россети" иалшоит ареспублика афымцамчтә системахь аинвестициақәа рыҟаҵара. Иахьазы имҩаԥгоуп уи азы аԥхьаӡарақәа, апроект ахәԥса шьақәыргылоуп. Аԥснытәи аган ақәшаҳаҭуп Урыстәыоа абри аганахь ала аус ацура иҳәеит адепутат.

Аԥсны афымцамчтә система аинвистициақәа аҭахны иҟоуп. Иахьа ахархәараз иаҭаху алшарақәагьы амам. Аилаӡара иаԥырхаганы иҟоуп азакәанԥҵара, аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа афымцамчтә аусхк алагалара мап ацәызкуа.

Катенев иазгәеиҭеит апроблема аӡбра шалшо атәылақәа рыҩбагь реицнаплак аԥҵарала.

Аԥсны афымцамчтә дефицит аиур алшоит 2019 шықәса алагамҭаз Егры ГЕС акраамҭатәи аремонт амҩаԥгараан. Аремонт иалагараны иҟоуп 2019 шықәса жәабранмзазы. Иара иадхалоит хымзи бжаки инарзынаԥшуа.