Амҷба: ауниверситет азеиԥшнхарҭаҿы инхо уи аԥҟарақәа дрықәныҟәароуп
© Sputnik
"Анхара азин змоу ҳәа 60-ҩык рҟынӡа рышәҟәқәа ҳаухьеит. Иахьазы 35-ҩык рҟынӡа азеиԥшнхарҭаҟны инхоит, иааиуа рыдкылара ҳаҿуп. Дареи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵоит, зегьы уи рыбжьы ҭыганы иаҳарԥхьоит, иану рхамышҭырц. Араҟа изышьццылам рацәоуп, ари аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи зеиԥшнхарҭоуп. Аха аԥҟарақәа ирықәымныҟәар ада ԥсыхәа ыҟам. Ирхылаԥшуа ыҟоуп, досу рус рдыруеит. Зегьы анхарҭаҿы ианыҟалалак, усҟан иаҳбоит иҳагқәоу. Азеиԥшнхарҭа ҩышә-ҩык рҟынӡагьы аднакылар ауеит. Араҟа инхо иԥхасҭарымтәыр ауп, ранацәагьы рабацәагьы ацхыраара ҳарҭароуп. Рхы шымҩаԥыргаша аԥҟарақәа ыҟоуп, иакәым ҟазҵаз иҵара аҟны дҭырцо аҟынӡа азҵаара ықәыргылахоит", — иҳәеит Амҷба.